Қырҭтәыла акоронавирус 357 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 3237 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 357 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 3237ҩык, 4ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 8358 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 4,49%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 3,53%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 646 316 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 618 403 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 16 708 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 853 040 алаҵақәа.