Қырҭтәыла акоронавирус 3436 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 4483ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 3436 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 4483ҩык, 43ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 32 031 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 9,06%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 9,13%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵа ҟарҵахьеит 1 948 787 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 692240ҩык, урҭ рҟынтә 630961ҩык ачымазара иалҵхьеит, 9742ҩык апациентцәа иҧсит.