Қырҭтәыла акоронавирус 332 факт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 343ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 332 факт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 343ҩык, 12ҩык иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 26 700 атестқәа.
Акоронавирус аарҧшра арбагақәа: есымшатәи — 1,24 наӡына, аҵыхәтәантәи 14мшы рыла — 1,49 наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 1,72 наӡына.
Инеизакны, Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 274 377ҩык, урҭ рҟынтә 267 764ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3634ҩык иҧсит.
245ҩык акарантин аҿы иҟоуп, 1310ҩык — астационар аҿы, 130ҩык аковид-сасааирҭақәа рҿы.
Хәажәкыра 11 рзы Қырҭтәыла акоронавирус 395 афакт ҿыцқәа аарҧшын, 310ҩык ачымазара иалҵит.