Қырҭтәыла акоронавирус 3270 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1298ҩык ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 3270 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла даҽа 1298ҩык ачымазара иалҵит, 26ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иҟаҵан 38 093 атестқәа.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 652 677ҩык, урҭ рҟынтә 608 861ҩык ачымазара иалҵхьеит, 9 396ҩык иҧсит.
Атәылаҿы алаҵа ҟарҵахьеит 1 899 938ҩык.
Акарантин аҿы иҟоуп 64ҩык, астационар аҿы — 5 153ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 907ҩык.