Қырҭтәыла акоронавирус 3123 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 4215 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 3123 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 4215ҩык, 39ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 48 898 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 7,39%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 6,86%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 901 202 афактқәа аарҧшауп, урҭ рҟынтә 849 090ҩык ачымазара иалҵхьеит, 12 918 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 349 643 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 33ҩык, астационар аҿы 5 882 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1 137ҩык.