Қырҭтәыла акоронавирус 3 410 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 4 732 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 3 410 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 4 732ҩык, 46ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 37 714 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 8,63%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 8,33%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 865 293 афактқәа аарҧшауп, урҭ рҟынтә 806 596 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 12 344 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 234 180 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 36ҩык, астационар аҿы 6 458 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1 242 ҩык.