Қырҭтәыла акоронавирус 3 196 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1 147 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 3 196 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1 147 ҩык, 27ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 41 965 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 7,62 %, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 6,78 %, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 7,35 %.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 481 591 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 419 534 ҩык, урҭ рҟынтә 382 393 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5 820 ҩык апациентцәа иҧсит.