Қырҭтәыла акоронавирус 2979 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 3470 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 2979 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 3470ҩык, 53ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 47 937 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 7,26%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 6,76%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 904 181 афактқәа аарҧшауп, урҭ рҟынтә 852 560 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 12 971 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 361 557 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 40ҩык, астационар аҿы 5 798 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1 107 ҩык.