Қырҭтәыла акоронавирус 268 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 233ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус 268 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 233ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, 5ҩык иҧсит. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 26 399 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аарҧшра арбагақәа: есымшатәи — 1,02%, аҵыхәтәантәи 14мшы рыла — 1,51%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 1,46%.
Апандемиа ҟалеижьҭеи Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 274 989ҩык, урҭ рҟынтә 268 237ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3 648ҩык иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 251ҩык, астационарқәа рҿы — 1 338ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы — 136ҩык апациентцәа.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 344 афактқәа аарҧшын, 240ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.