Қырҭтәыла акоронавирус 262 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  189ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 262 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  189ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит

 

Қырҭтәыла акоронавирус 262 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда  stopcov.ge аҿы.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 189ҩык, 9ҩык апациентцәа иҧсит.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы  акоронавирус азы иҟаҵан  11 923 атестқәа.

Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара иҵоуроу арбагақәа: мышкала  – 2,2 наӡына, аҵыхәтәантәи  14 мшы рыла  – 1,55 наӡына, аҵыхәантәи бжьымш рыла  – 1,63 наӡына.

Инеизакны, Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьқәырҕәҕәоуп 277 480ҩык, урҭ рҟынтә  269 973ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3 700ҩык иҧсит.

Акарантин аҿы иҟоуп  220ҩык, астационарқәа рҿы  1 435ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы  176ҩык апациентцәа.

Иацы, хәажәкыра  20 рзы, Қырҭтәыла акоронавирус  422 афакт ҿыцқәа аарҧшын,  158ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.