Қырҭтәыла акоронавирус 258 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 571ҩык ачымазара иалҵит
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус 258 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 571ҩык ачымазара иалҵит, 10ҩык апациентцәа иҧсит. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Иахьа уажәраанӡа Қырҭтәыла акороанвирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп
268 355ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 261 637ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3 435ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 9 653 атестқәа.
Есымшатәи иҵоуроу арбага 2,67 наӡына иаҟароуп; аҵыхәтәантәи 14мшы рыла — 2,6 наӡына; 7 рыла — 2,5 наӡына.
Акарантин аҿы иҟоуп 328ҩык, астационарқәа рҿы — 1 723ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы — 231ҩык.
Иацы, жәабран 20 рзы, Қырҭтәыла акоронавирус 396 афактқәа аарҧшын, 469ҩык ачымазара иалҵит, 19ҩык иҧсит.