Қырҭтәыла акоронавирус 2490 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 2056ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 2490 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 2056ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 2490 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 2056ҩык, 25ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵа ҟарҵахьеит 1 871 116 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 634 053 ҩык, урҭ рҟынтә 600 524 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 9 246 ҩык апациентцәа иҧсит.