Қырҭтәыла акоронавирус 234 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 349ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Аҵыхтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус 234 афакт ҿыцқәа аарҧшын, даҽа 349ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, 9ҩык иҧсит. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵоуп 15 919 атестқәа.
Иҵоуроу арбагақәа: мышкала — 1,47%, аҵыхәтәантәи 14мшы рыла — 1,55%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 1,56%.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи атәылаҿы акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 272 851ҩык, урҭ рҟынтә 266 693ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3 576ҩык иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 307ҩык, астационарқәа рҿы — 1 410ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы — 133ҩык.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 355 афактқәа аарҧшын, 91ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.