Қырҭтәыла акоронавирус 2261 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1410ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 2261 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 1410ҩык. 18ҩык апациентцәа иҧсит.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 395 621ҩык, урҭ рҟынтә 369 483ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5636 ҩык иҧсхьеит.