Қырҭтәыла акоронавирус 22 444 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 13 245 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 22 444 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 13 245ҩык, 53ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 68 392 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 29,93%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 32,84%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 398 059 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 154 476ҩык ачымазара иалҵхьеит, 15 404 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 764 352 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 41ҩык, астационар аҿы 6 085 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1 858 ҩык.