Қырҭтәыла акоронавирус 22 263 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 15 575 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 22 263 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 15 575 ҩык, 39ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 73 821 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 16,51%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 20,58%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 272 371 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 053 966ҩык ачымазара иалҵхьеит, 15 141 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 742 134 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 42ҩык, астационар аҿы 5 808 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1 958 ҩык.