Қырҭтәыла акоронавирус 2100 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 2251 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 2100 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 2251ҩык, 42ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 38 802 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 5,5%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 5,28%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 934 741 афактқәа аарҧшауп, урҭ рҟынтә 895 315ҩык ачымазара иалҵхьеит, 13 800 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 512 858 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 57ҩык, астационар аҿы 4551ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 858ҩык.