Қырҭтәыла акоронавирус 2 981 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 2 001ҩык ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 2 981 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыра иаҧырҵаз асаит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла ачымазара иалҵит 2 001ҩык, 31ҩык апациентцәа иҧсит.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 201 368ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 169 282ҩык ачымазара иалҵит, 1 953ҩык иҧсит.
Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 471ҩык, астационарқәа рҿы 6 758ҩык, аковидсасааирҭақәа рҿы — 2 247ҩык ауааҧсыра.