Қырҭтәыла акоронавирус 2 720 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 3 942ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Аҵвхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус 2 720 афакт ҿыцқәа аарҧшауп, 3 942ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, 46ҩык иҧсит. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Иахьа уажәраанӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 189 726ҩык, урҭ рҟынтә 158 183ҩык ачымазара иалҵит, 1 790ҩык иҧсит.