Қырҭтәыла акоронавирус  2 635 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 2 244ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус  2 635 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 2 244ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит

 

Қырҭтәыла акоронавирус  2 635 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Аоперативтә штаб анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Бердиа Сиҷинава.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 2 244ҩык,  49ҩык апациентцәа иҧсит.

Инеизакны, Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  204 003ҩык,  урҭ рҟынтә  171 526ҩык ачымазара иалҵхьеит, 2 002ҩык апациентцәа иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп  468ҩык,  6 680ҩык астационарқәа рҿы,  2 183ҩык — аковид-сасааирҭақәа рҿы.