Қырҭтәыла акоронавирус 2 533 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1 762 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 2 533 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1 762 ҩык, 57 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 34 383 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 7,37%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 8,09%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 7,5%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵа ҟарҵахьеит 1 467 065 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 579 031 ҩык, урҭ рҟынтә 536 321 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 8 146 ҩык апациентцәа иҧсит.