Қырҭтәыла акоронавирус 2 262 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 2 795 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 2 262 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 2 795 ҩык, 54 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 34 225 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 6,61%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 6,61%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 7,42%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵа ҟарҵахьеит 1 433 296 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 575 210 ҩык, урҭ рҟынтә 534 559 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 8 089 ҩык апациентцәа иҧсит.