Қырҭтәыла акоронавирус 19 968 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 23 675 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 19 968 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 23 675ҩык, 55ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 64 187 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 30,24%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 33,04%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 418 027 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 178 151 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 15 459 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 768 137 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 41ҩык, астационар аҿы 6 098 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1 869 ҩык.