Қырҭтәыла акоронавирус 1808 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 361 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1808 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 361 ҩык.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 34 979 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 5,17 %, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 4,5 %, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 4,86 %.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 345 295 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 386 195ҩык, урҭ рҟынтә 363 318 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5 538 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 53 ҩык, астационарқәа рҿы — 4 135 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 1 008 ҩык апациентцәа.