Қырҭтәыла акоронавирус 1806 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1144ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1806 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1144ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1806 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1144ҩык, 20ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 28 180 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 6,41%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 5,51 %, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 6,59 %.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 51 600ҩык, урҭ рҟынтә 297 676 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4227 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 72ҩык, астационарқәа рҿы — 4 287 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 759ҩык апациентцәа.
Иацы, лаҵара 5 азы, Қырҭтәыла акоронавирус 2171 афактқәа аарҧшын, 1074ҩык ачымазара иалҵит.