Қырҭтәыла акоронавирус 1743 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 2266ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1743 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 2266ҩык, 29ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵа ҟарҵахьеит 1 785 862ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 613 012ҩык, урҭ рҟынтә 585 071 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 8946 ҩык апациентцәа иҧсит.