Қырҭтәыла акоронавирус 17 484 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 3 699 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 17 484 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 3 699 ҩык, 27ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 73 250 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 16,51%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 20,58%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 110 168 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 981 531 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 14 840 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 686 220 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 42ҩык, астационар аҿы 4 714 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 2 080 ҩык.