Қырҭтәыла акоронавирус 17 265 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 5 947 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 17 265 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 5 947 ҩык, 34ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 69 190 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 16,51%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 20,58%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 162 773 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 001 275 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 14 945 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 710 914 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 41ҩык, астационар аҿы 5 191 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 2 061 ҩык.