Қырҭтәыла акоронавирус 1698 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1910ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1698 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 1 910ҩык, 38ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 6,85%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 6,46%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 603 763ҩык, урҭ рҟынтә 572 353ҩык ачымазара иалҵхьеит, 8749ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 1 715 073 алаҵақәа.