Қырҭтәыла акоронавирус 1653 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 2646ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1653 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 2646ҩык, 47ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 6,85%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 6,44%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵа ҟарҵахьеит 1 671 295 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 602 065 ҩык, урҭ рҟынтә 570 443 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 8 711 ҩык апациентцәа иҧсит.