Қырҭтәыла акоронавирус 1612 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 419ҩык ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1612 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари атәы аарыцҳаит аиҳабыра рпрессмаҵзура аҟынтә.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла ачымазара иалҵит 419ҩык, 28ҩык апациентцәа иҧсит.
Иахьа уажәраанӡа Ҟырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 235 491ҩык, урҭ рҟынтә 223 695ҩык ачымазара иалҵхьеит, 2694ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иҟаҵан 15 492 атестқәа.