Қырҭтәыла акоронавирус 1547 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1113ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1547 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1113ҩык, 18ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 25 541 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 6,06 %, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 5,66 %, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 6,76%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 54 687ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 319 266ҩык, урҭ рҟынтә 298 807 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4245 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 69ҩык, астационарқәа рҿы — 4354ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 759ҩык апациентцәа.
Иацы, лаҵара 6 азы, Қырҭтәыла акоронавирус 1806 афактқәа аарҧшын, 1144ҩык ачымазара иалҵит.