Қырҭтәыла акоронавирус 1527 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 1282ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1527 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, — абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Аоперативтә штаб анапхгаҩы Бердиа Сиҷинава.
Иара иажәақәа рыла, аинтенсивтә тестирра апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иҟаҵан 13 030 тестқәа.
24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 1282ҩык апациентцәа, 24ҩык иҧсит.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 227 420 ҩык, урҭ рҟынтә 211 727ҩык ачымазара иалҵхьеит, 2505ҩык апациентцәа иҧсит.
Ҧхынгәы 30 рзы атәылаҿы акоронавирус 1738 афакт ҿыцқәа аарҧшын.