Қырҭтәыла акоронавирус 15 712 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 21 623 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 15 712 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 21 623 ҩык, 40ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 46 425 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 31,66%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 32,85%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 454 065 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 248 242 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 15 556 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 774 755 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 21ҩык, астационар аҿы 6 123 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1 581 ҩык.