Қырҭтәыла акоронавирус 15 315 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 10 894 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 15 315 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 10 894 ҩык, 55ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 50 058 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 32,02%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 31,51%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 496 156 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 300 062 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 15 683 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 15 683 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 10ҩык, астационар аҿы 5 974 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1 261 ҩык.