Қырҭтәыла акоронавирус 14 405 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 24 409 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 14 405 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 24 409ҩык, 42ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 48 595 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 32,04%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 30,78%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 526 205 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 348 581ҩык ачымазара иалҵхьеит, 15 771 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 791 310 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 16ҩык, астационар аҿы 5 818ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1 013 ҩык.