Қырҭтәыла акоронавирус 1390 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1070ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1390 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1070ҩык, 18ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 38 468 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 3,61%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 5,35%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 4,4%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 81 076 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 327 831ҩык, урҭ рҟынтә 307 334 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4397ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 65ҩык, астационарқәа рҿы — 4 253 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 730ҩык апациентцәа.
Иацы, лаҵара 13 азы, Қырҭтәыла акоронавирус 776 афактқәа аарҧшын, 1329ҩык ачымазара иалҵит.