Қырҭтәыла акоронавирус 1374 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 422ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1374 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 37 524 атестқәа.
Атәылаҿы авирус аларҵәара арбагақәа: ҽнакала — 3,66%, аҵыхәтәантәи 14мшы рыла — 2,46%, аҵыхәтәантәи 7 мшы рыла — 2,58%.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 290129ҩык атәылауаа, урҭ рҟынтә 278 251ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3894ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 205ҩык, астационарқәа рҿы — 2445ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 323ҩык апациентцәа.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 359 афакт ҿыцқәа аарҧшын, 526ҩык ачымазара иалҵит.