Қырҭтәыла акоронавирус 1357 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 748ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1357 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аоперативтә штаб анапхгаҩы Бердиа Сиҷинава.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымаара иалҵит 748ҩык, 21ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 15 891 тестқәа.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 244 612ҩык, урҭ рҟынтә 228 359ҩык ачымазара иалҵхьеит, 2 867ҩык апациентцәа иҧсит.
Уажәазы атәылаҿы 13 360 активтә фактқәа иҟоуп.
Ажьырныҳәа 13 рзы Қырҭтәыла акоронавирус 1 618 фактқәа аарҧшын, 403ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.