Қырҭтәыла акоронавирус 133 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 276ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 133 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла ачымазара иалҵит 276ҩык, 12ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акороанвирус азы иҟаҵан 10 678 атестқәа.
Атәылаҿы иҵоуроу арбагақәа: есымшатәи — 1,25 наӡына, аҵыхәтәантәи 14мшы рыла — 1,65 наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 1,25 наӡына.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 271 872ҩык, урҭ рҟынтә 266 081ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3 553ҩык иҧсит.
316ҩык акарантин аҿы иҟоуп, 1426ҩык — астационарқәа рҿы, 150ҩык — аковид-сасааирҭақәа рҿы.
Хәажәкыра 3 рзы Қырҭтәыла акоронавирус 360 афактқәа аарҧшын, 119ҩык ачымазара иалҵит.