Қырҭтәыла акоронавирус 13 288 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 21 183 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 13 288 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 21 183 ҩык, 51ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 47 640 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 31,94%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 30,35%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 539 493 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 369 764 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 15 822 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 794 933 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 16ҩык, астационар аҿы 5 703 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 964 ҩык.