Қырҭтәыла акоронавирус 1286 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1701 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1286 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1701ҩык, 13ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 24 446 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 5,26 %, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 4,57 %, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 4,92%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 353 835ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 387 481ҩык, урҭ рҟынтә 365 019 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5 551 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 65 ҩык, астационарқәа рҿы — 4 291 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 1 088 ҩык апациентцәа.