Қырҭтәыла акоронавирус 1271 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 729ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1271 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 729ҩык, 11ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 28 751 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 4,42 наӡына, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,75 наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 4,55 наӡына.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 301 535ҩык, урҭ рҟынтә 284 286ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3992ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ҟарҵахьеит 34 897ҩык, есымша алаҵа ҟарҵоит 1560ҩык атәылауаа.
Акарантин аҿы иҟоуп 232ҩык, астационарқәа рҿы — 3 527ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 682ҩык апациентцәа.
Иацы, мшаҧы 22 рзы, Қырҭтәыла акоронавирус 1226 афактқәа аарҧшын, 688ҩык ачымазара иалҵит.