Қырҭтәыла акоронавирус 1250 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 463ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1250 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 463ҩык.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 31 958 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 3,91 наӡына, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,88 наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 4,62 наӡына.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 302 785ҩык, урҭ рҟынтә 284 749ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4007ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ҟарҵахьеит 36 056ҩык, иҳаҩсыз 24 сааҭ рыла – 1559ҩык атәылауаа.
Акарантин аҿы иҟоуп 242ҩык, астационарқәа рҿы — 3 566ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 706ҩык апациентцәа.
Иацы, мшаҧы 23 рзы, Қырҭтәыла акоронавирус 1271 афактқәа аарҧшын, 729ҩык ачымазара иалҵит.