Қырҭтәыла акоронавирус 12 101 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 14 764ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 12 101 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 14 764ҩык, 45ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 47 486 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 30,65%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 28,55%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 565 769 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 422 540 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 15 933 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 800 752 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 7ҩык, астационар аҿы 5 358ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 860 ҩык.