Қырҭтәыла акоронавирус 1164 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 2292ҩык ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1164 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.
Аҵыхәәтантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 2292ҩык, 33ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы акоронавирус афактқәа раарҧшра арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рзы — 5,42%, аҵыхәтәантәи бжьымш рзы — 4,92%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 617 753ҩык, урҭ рҟынтә 589 791ҩык ачымазара иалҵхьеит, 9038ҩык апациентцәа иҧсит.