Қырҭтәыла акоронавирус 1137 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1179ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1137 афакт ҿыцқәа аарҧшуп . Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 1179ҩык, 22ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иҟаҵан акоронавирус азы 17 019 тестқәа.
Инеизакны, Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 251 071ҩык, урҭ рҟынтә 238 110ҩык ачымазара иалҵхьеит, 2998ҩык апациентцәа иҧсит.
478ҩык акарантинтә қәыҧшыларақәа рҿы иҟоуп, 3478ҩык астационарқәа рҿы ишьҭоуп, а ковид-сасааирҭақәа рҿы иҟоуп 536ҩык апациентцәа.
Ажьырныҳәа 20 рзы Қырҭтәыла акоронавирус 469 афактқәа аарҧшын, 1792ҩык ачымазара иалҵит.