Қырҭтәыла акоронавирус 1108 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 714 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1108 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 714 ҩык, 7 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 23 895 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 4,64%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,47%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 3,89%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 289 399 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 374836ҩык, урҭ рҟынтә 357 804ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5421 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 78 ҩык, астационарқәа рҿы — 3285ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 936ҩык апациентцәа.