Қырҭтәыла акоронавирус 1056 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1071 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1056 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1071 ҩык, 28 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 38 921 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 2,71%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,68%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 3,22%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 130 037 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 341 894 ҩык, урҭ рҟынтә 324 426 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4727 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 51 ҩык, астационарқәа рҿы — 3937 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 675ҩык апациентцәа.
Иацы, лаҵара 27 азы, Қырҭтәыла акоронавирус 508 афактқәа аарҧшын, 1481ҩык ачымазара иалҵит.