Қырҭтәыла акоронавирус 1043 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 841 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1043 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 841 ҩык, 20 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 31 229 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 3,34%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,27%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 3,72%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 283 631 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 373 728ҩык, урҭ рҟынтә 357 090ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5415 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 75 ҩык, астационарқәа рҿы — 3139 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 906ҩык апациентцәа.